Ажьырныҳәа 19 рзы Орбелианиаа рхан аҿы амҩатә музыкантцәа рконцерт мҩаҧысуеит
Ажьырныҳәа 19 рзы Орбелианиаа рхан аҿы амҩатә музыкантцәа рконцерт мҩаҧысуеит

Иқәыҧшу амузыкантцәа рыдгылара амзызла, Қырҭтәыла ахада линициативала, уаҵәы Орбелианиаа рхан аҿы амҩатә музыкантцәа рконцерт мҩаҧысуеит.

Ауаажәлар рҟны аимадара азҵаарақәа рзы ахада лыбжьагаҩ Ирина Шенгелиа ишылҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аконцерт мҩаҧысуеит апандемиа аан амузынкантцәа рыдгылара иазку атәыла ахада лстратегиа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аконцерт иалагоит ажьырныҳәа  19 асааҭ 18:00 рзы, уи рхы аладырхәоит амҩатә музыкантцәеи, Давиҭ Евгениӡеи ибенди.