Азербаиџьантәи ахазалхҩцәа Иранынтә Қырҭтәылаҟа ицоз, акарпыжәқәа зҭаз аидаратә машьынаҿ 110 кьыла амарихуана рбеит
Белакантәи араион ахазалхратә усбарҭа аусуҩцәа ахазалхратә гәаҭара анымҩаҧыргоз, азакәандаратә еикәшараҿы иҟаз ҷыдала ирацәаны анаркотикқәа аадырҧшит. Ари аинформациа аладырҵәеит азербаиџьантәи АИХқәа.
Аинформациа инақәыршәаны, Иранынтә1 Қырҭтәылаҟа аидара «акарпыжәқәа» мҩанызгоз атранспорттә хархәага гәаҭан ахазалхратә пункт Мазымгара аҿы, астационартә арентгентә аппаратла.
Ахазалхҩцәа акарпыжәқәа зҭаз аиашьықьқәа рыҵаҟа ирацәаӡаны анаркотикатә маҭәашьар – амарихуана рбеит.
Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, ари афакт азы аусеилыргара иалагахьеит.