Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҳәаатә зонаҿ ахысра ҟалеит
Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҳәаатә зонаҿ ахысра ҟалеит

Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҳәаатә зонаҿ ахысра ҟалеит. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, абҵара 16 рзы Шәамахьтәыла атәылахьчаратә мчқәа рыхәҭақәа арратә операциа иалаган, Қелбаџьари Лачини иҟоу Азербаиџьан арратә позициақәа рхырхарҭала амца аадыртит.

Заанаҵтәи дырақәа рыла, ахәрақәа роуит ҩыџьа азербаиџьантәи аруаа. Азербаиџьан арратә хәҭақәа иаҭакны амца аадыртит.

Шәамахьтәылатәи аган ахаҭарнакцәа амца аартра азербаиџьантәи аган ирхарадырҵоит.