Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра - Ирантәи адронқәа рыла ажәыларақәа аҭакда иаанхом 
Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра - Ирантәи адронқәа рыла ажәыларақәа аҭакда иаанхом 

«Ирантәи адронқәа рыла ажәыларақәа аҭакда иаанхом», —  иануп Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.

Аминистрра аҳәамҭаҿы ишазәгаҭоу ала, ари аинцидент азы аҭак аҧхықәуп Ирантәи аисламтә республика.

«Азербаиџьан Атәылахьчара аминситрра Азербаиџьан ахырхарҭала Иран  имҩаҧнаго  ажәыларақәа ирықәыӡбоит. Уи азы арратә хымҧадара иҟам.  Ирантәи адронқәа рыла ажәыларақәа аҭакда иаанхом. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ахьчареи аҭынчруаа ршәарҭадара аиқәырәшареи азыҳәан иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит», — иануп аҳәамҭаҿы.