Азербаиџьан апарламент ахантәаҩы Баҭым иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы Каха Куҷава дидашшылеит
Азербаиџьан апарламент ахантәаҩы Баҭым иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы Каха Куҷава дидашшылеит

Азербаиџьантәи ареспублика Милли Меџьлис  (апарламент) ахантәаҩы  Сахиба Гафарова  Баҭым иҟалаз арыцҳара лгәы иалсит.

«Баҭым анхарҭатә корпус аилаҳәара иазку адырра сгәы снархьит. Сареи Азербаиџьантәи ареспублика апарламент алахәылацәеи ҳахьӡала, абри арыцҳара иалаӡыз ауаа руацәеи рҩызцәеи срыдашшылоит, аахақәа зауз ирласны абзиахара рзеиҕьасшьоит», — иануп ашәҟәы аҟны.