Ахәыҷтәы "Евровизиа" мҩаҧысуеит абҵара  26 рзы Ницца ақалақьаҿ
Ахәыҷтәы "Евровизиа" мҩаҧысуеит абҵара  26 рзы Ницца ақалақьаҿ

Абҵара 26 рзы Франциа, Ницца ақалақьаҿ имҩаҧысуеит  21-тәи ахәыҷтәы конкурс  «Евровизиа».

Ахәыҷтәы  «Евровизиа  2023» аслогануп   — «Афырхацәа».  Аконкурс мҩаҧысуеит азал  Palais Nikaïa аҿы.

Ахәыҷтәы  «Евровизиа  2023» ишалахәхәо шьақәдырҕәҕәеит 11 ҳәынҭқаррақәа, Қырҭтәылагьы инрылаҵаны.

Ахәыҷтәы  «Евровизиа  2023» аҿы дықәгылоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара апроект  «Ранина» аиааирагаҩы.

Қырҭтәыла  – ахәыҷтәы  «Евровизиаҿы» аиааирақәа рхыҧхьаӡарала атәыла-рекордсменуп.  Қырҭтәыла ари аконкурс аҿы хынтә аиааира агахьеит.