Европатәи адырраҭаратә хеилаки (EBU) Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭареи (GPB) ишьақәдырҕәҕәеит «Ахәыҷтәы Евровизиа -2025» 18 ҳәынҭқаррақәа ишалахәхо. Аконкурс мҩаҧысуеит Қарҭ ҧхынҷкәын 13 рзы.

9 шықәса инаркны 14 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа Қырҭәтыла аҳҭнықалақьаҿ еизоит дара рҟазара миллионҩыла ахәаҧшцәа иддырбарцаз. Европа идуӡӡоу амузыкатә шоу рхы аладырхәоит:
RTSH (Албаниа)
AMPTV (Шәамахьтәыла)
Ictimai (Азербаиџьан)
HRT (Хорватиа)
CyBC (Кипр)
France Télévisions (Франциа)
Ауаажәларратә дырраҭара (Қырҭтәыла)
TG4 (Ирландиа)
Rai (Италиа)
PBS (Мальта)
RTCG (Черногориа)
AVROTROS (Нидерланды)
MKRTV (Аҩадатәи Македониа)
TVP (Польша)
RTP (Португалиаа
SMRTV (Сан-Марино)
RTVE (Испания)
Suspilne (Украина)
Асцена

Қырҭтәыла Ауаажәларрат әдырраҭара «Ахәыҷтәы Евровизиа -2025» асцена адизаин цәырнагеит.
«Ахәыҷтәы Евровизиа-2025» мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 13 рзы, қарҭтәи Аолимпиатә аханаҿ. Ишиашо ицо арепортаж мҩаҧнагоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара.