Ахәыҷтәы "Евровидение-2023" рхы аладырхәоит  16  ҳәынҭқаррақәа
Ахәыҷтәы "Евровидение-2023" рхы аладырхәоит  16  ҳәынҭқаррақәа

Абҵара 26 рзы Ницца имҩаҧысуа  ахәыҷтәы “Евровидение-2023” рхы аладырхәоит  16  ҳәынҭқаррақәа. Раҧхьаӡа акәны сынтәа ари аконкурс аҽаланархәоит Естониа.

Ахәыҷтәы фестиваль рхы аладырхәоит абарҭ аҳәынҭқаррақәа: Қырҭтәыла, Аҩадатәи Македониа, Естониа, Украина, Албаниа, Шәамахьтәыла, Франциа, Германтәыла,  Ирландиа, Италиа, Мальта, Нидерланды, Британиа Ду.

«Евровидение  2023» аслогануп  — «Афырхацәа». Аконкурс мҩаҧысуеит азал  Palais Nikaïa аҿы.

Сынтәа аконкурс аҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит  Қырҭтәыла Актәи аканал апроект  «Ранина» аиааирагаҩы Анастасиа Васаӡе.

21-тәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровидение» мҩаҧысуеит абҵара  26 рзы, афранцыз ақалақь Ницца. Қырҭтәыла  ари аконкурс аҿы  хынтә аиааира агахьеит.