Axios - Украинеи, Америкеи, Урыстәылеи рыбжьара Женева имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит 
Axios - Украинеи, Америкеи, Урыстәылеи рыбжьара Женева имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит 

Украинеи, Америкеи, Урыстәылеи рыбжьара Женева имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит. Ари атәы аанацҳаит аҭыжьымҭа Axios.

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалеит урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы  Владимир Медински иааирҧшыз апозициа амшала. 

Насгьы, Украина ахада  Владимир Зеленски  Axios аинтервиу анеиҭоз ашиҳәаз ала,  Абу-Даби имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа иаҳа апродуктивтә ҟазшьа рыман. 

Иара убас, Украина аиҿцәажәаратә процессаҿ европатәи атәылақәа рылахәызаара иаҳәоит, урыстәылатәи аган уи иақәшаҳаҭым.

Женева Украинеи, Америкеи, Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа иахьа инагӡахоит.