Ахәаахәҭратә обиектқәа раартразы инагӡатәу аҭагылазаашьақәа
Ахәаахәҭратә обиектқәа раартразы инагӡатәу аҭагылазаашьақәа

«Ахәаахәҭратә центрқәеи аџьармыкьақәеи русзуҩцәа раҧхьатәи атестқәа рзымҩаҧгахоит аҳәынҭқарра ахарџьла», —  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь ари атәы ааицҳаит Аџьаус аинспекциа адепартамент анапхгаҩы Беқа Ҧераӡе.

«Ишаҳҳәаз ала,  ахәаахәҭратә центрқәеи аџьармыкьақәеи аусура еиҭалагоит жәабран 1 инаркны. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ҷыдалатәи аелектронтә платформа еиқәыршәоуп, абизнес ахаҭарнакцәа зегьы абри аплатформаҿы арегистрациа иахысроуп.  Атестрра апроцесс мҩаҧысуеит, анеҩс, жәабран 1 инаркны аусура иалагоит.  Аекономикатә усхкқәа зегьы етапла иааҳартуеит», — иҳәеит Беқа Ҧераӡе.