Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахантәаҩы - Украина адгыларазы Қырҭтәыла анапхгареи ажәлари иҭабуп ҳәа раҳҳәоит
Украина адгыларазы Қырҭтәыла анапхгареи ажәлари иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, – иҳәеит Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахантәаҩы Польшатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Збигнев Рау Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
“Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахәшьара ду анаҭоит Қырҭтәыла Украина Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара амониторинг амиссиа ахьадгылаз. Иара убас иазгәаҭатәуп, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара аусуҩцәа аевакуациа апроцесс аҿы ацхыраара иазкыз Қарҭ ажәалагала”, – иҳәеит Збигнев Рау.
Рау иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиа, егьырҭ атәылақәа рганахьала аҭыԥ змоу агрессиа ибзиаӡаны аанарԥшуеит Урыстәыла Европа мчыла аҳәаақәа рыԥсахра шаҭаху.