Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара 5ҩык ахантәаҩцәа Қырҭтәыла адгыларатә ҳәамҭа рыдыркылеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара 5ҩык ахантәаҩцәа Қырҭтәыла адгыларатә ҳәамҭа рыдыркылеит

 

Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара  адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  27-тәи реиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара хәҩык ахантәаҩцәа Қырҭтәыла адгыларатә ҳәамҭа рыдыркылеит.

Ахантәаҩцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рырҭбаареи  ишадгыло.

«Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло.

Ақырҭуа регионқәа, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа аганахьала аҭагылазаашьа цәгьа даараӡа ҳаргәамҵуеит.

Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит  аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара иацхраауа Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рырҭбаара ҳшақәшаҳаҭу», —  иануп аҳәамҭаҿы.