Аурыс аруаа амца анаадырты ашьҭахь, Запарожтәи АЕС ахәбатәи аенергоблок аусура аҟәырхит
Аурыс аруаа амца анаадырты ашьҭахь, Запарожтәи АЕС ахәбатәи аенергоблок аусура аҟәырхит

Аурыс аруаа амца анаадырты ашьҭахь, Запарожтәи АЕС ахәбатәи аенергоблок аусура аҟәырхит. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит   «Енергоатом» адырра шьаҭас иҟаҵаны.

«Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра амиссиа астанциашҟа инеиаанӡа, аурыс аруаа Запарожтәи АЕС аҿы даҽа провокациак ҟарҵеит. Цәыббра 1, асааҭ  4:57 рзы урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа амца анаадырты, Запарожтәи АЕС аҿы ахьчаратә система  аус аун,  5-тәи аенергоблок  аусура иаҟәыҵит», — иануп  «Енергоатом» аҳәамҭаҿы.

Украина Амилаҭтә атомтә еилахәыра адыррала,  6-тәи аенергоблок аус ауеит, АЕС украинатәи аперсонал астанциа аинфраструктура иаиуз аҧхасҭа аҧыхразы ирылшо зегьы ҟарҵоит.

Иахьа Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра амиссиа Запарожтәи АЕС аҿы аусура иалагароуп. Агентра адиректор Рафаель Гросси анапхгара ззиуа амиссиа  асасааирҭантә астанциашҟа идәықәлахьеит.