Аурыс амааҭ ахә зеиҧшҟамлац ала икаҳаит

Аурыс амааҭ ахә зеиҧшҟамлац ала икаҳаит. ВВС аурыс маҵзура адыррақәа рыла, иахьа шьыжьымҭан аурыс амааҭ ахә  10 наӡынала икаҳаит.  Мосбирџьи ахәаахәҭратә аукцион аҿы идуӡӡоу аурыс еилахәырақәа ракциақәа каҳаит.

Иахьа шьыжьымҭан евро ахә  100 мааҭ аҟынӡа ишьҭыҵит, долларк 90 мааҭ иаҧсан. Москватәи абиржа аиндекс  —  2700 пункт иреиҵоуп.

Газпром акциақәа  11,5%-ла икаҳаит.

Иахьа Урыстәыла Абанк хада аурыс амааҭ акурс ахьчаразы авалиутатә интервенциақәа ирылагеит.