Ауниверситет амҩеи Қавҭараӡе имҩеи еимыздо автомобилтә аҳапкылҵәа аартуп  
Ауниверситет амҩеи Қавҭараӡе имҩеи еимыздо автомобилтә аҳапкылҵәа аартуп  

Иахьа аҧыза-министри Қарҭ ақалақь ахадеи Ауниверситет амҩеи Қавҭараӡе имҩеи еимыздо аҳапкылҵәа аадыртит.

Иахьа ҳаҳҭнықалақь акырӡа иаҳа иҿиоуп, иаҳа ииаҵәоуп, иаҳа иҧшӡоуп, абри зегьы, раҧхьа иргыланы, аҳҭнықалақь ахада ибзоуроуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ауниверситет амҩеи Қавҭараӡе имҩеи еимыздо аҳапкылҵәа аартратә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь арҿиара аплан аиқәыршәара иаҿуп, ҧшьышықәса рышьҭахь Қарҭ еиҳагьы иҿиахоит.

Иракли Кобахиӡе ари апроект анагӡара иалахәыз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.