Ауаажәларратә ҵысра "Жәлар рымч" иахьа апартиа аԥҵара инамаданы аизара ду мҩаԥнагоит
Ауаажәларратә ҵысра "Жәлар рымч" иахьа апартиа аԥҵара инамаданы аизара ду мҩаԥнагоит

Ауаажәларратә ҵысра “Жәлар рымч” иахьа апартиа аԥҵара инамаданы аизара ду мҩаԥнагоит. Аизара ду асааҭ 13:00 рзы иалагоит.

“Жәлар рымч” аинформациа ала, аизара ду аҿы апартиа акомитет хада аилазаашьеи ахантәаҩи иалырхуеит. Иара убас шьақәдырӷәӷәоит апартиа аилазаашьеи аусԥҟеи.

Иара убас, ашьаҭаркратә аизара ду аҳәаақәа ирҭагӡаны иалырхуеит апартиа аревизиатәи абжьыԥхьаӡаратәи комиссиақәа.