Автомобилтә амҩақәа рдепартамент Рикоҭтә аҩхааҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазкны адырра аланарҵәоит
Автомобилтә амҩақәа рдепартамент Рикоҭтә аҩхааҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазкны адырра аланарҵәоит

Арегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистрра иаҵанакуа Автомобилтә амҩақәа рдепартамент Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩа 147-тәи км (Чумаҭелеҭи-Хеви ахҵәаха) аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны адырра аланарҵәоит. Аспециалистцәа ишаарыцҳаз, амҩаҿ аҳаҳәқәа леиуеит.

Адепартамент аинформациа ала, Рикоҭтәи аҩхаа аҿы аамҭала автотранспорт аныҟәара ҟалом.

Иашьашәалоу аусурақәа рымҩаԥгара ашьҭахь, Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩала (Рикоҭтәи ахҵәаха) автотранспорт аныҟәара еиҭашьақәгылахоит.

Жәларбжьаратәи аҵакы змоу Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩа 147-тәи км (Рикоҭтәи аҩхаа) аҿы арыцқьаратә усурақәа ирыхҟьаны, амҩа 114 км-194 км (Ахалсоеԥели атранспорттә каҭа – Зестафони) автотранспорт аныҟәара ҟалом.

Адепартамент аинформациа ала, амҩа арыцқараан, амашьына ласқәа рныҟәара ҟалоит Гоми-Сачхере-Ҷиаҭура-Зестафони амҩа ала.