Австралиа, аҟәара Бонд аҿы ахысраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 15ҩык рҟынӡа
Австралиа, аҟәара Бонд аҿы ахысраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 15ҩык рҟынӡа

Австралиа, Бонд иҟәараҿы ахысраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 15ҩык рҟынӡа. Амедиа ари аинформациа аланарҵәеит сиднеитәи аполициа адыррақәа рышьаҭала.

Ахәрақәа зауз 42ҩык ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп.

Азинхьчаҩцәа рдыррақәа рыла, ажәылацәа аарҧшуп  – аби аҧеи роуп. 50 шықәса зхыҵуаз аб азинхьчаҩцәа уааҵәҟьа дыршьит.  24 шықәса зхыҵуа иҧа дырхәын, азинхьчаҩцәа рхылаҧшрала ахәышәтәырҭа дҭоуп.

Ишеилкаахаз ала, аб закәанла абџьар иман, иара ихьӡала ашәҟәы ианын быжь цырак амцабџьар.

Аинхьчаҩцәа ацәгьаура зыхҟьаз амзыз аилкаара иаҿуп.