Авокзалтә ашҭа аџьармыкьаҿы иҟалаз абылра дырцәахьеит
Авокзалтә ашҭа аџьармыкьаҿы иҟалаз абылра дырцәахьеит

Авокзалтә ашҭа аџьармыкьаҿы иҟалаз абылра дырцәахьеит. Ари атәы ааицҳаит Қарҭ абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә мчқәа русбарҭа хада аиҳабы Леван Муселиани.

« Аномер 112 ала адырра анҳауҵәҟьа, абылрацәыхьчаҩцәа, зыҧшра ҟамҵакәа, аҭыҧашҟа инеит. Амца арцәара иалахәын  30 абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә машьынақәа. Уажәазы амца  дырцәахьеит. Абылра ахыҵҵырҭақәа аус рыдулара иаҿуп», — иҳәеит  Леван Муселиани.

Қарҭ, аџьармыкьа иазааигәаны, Авокзалтә ашҭаҿы абылра ҟалеит. Заанаҵтәи аинформациала, амаҭәақәа рышьҭаҵарҭа амца ацралеит. Ари аҭыҧ иазааигәаны иҟоу ахәышәтәырҭақәа рҟынтә апациентцәа зегьы егьырҭ аклиникақәа рахь ииаргеит. Абылацәыхьчаҩцәа амца дырцәахьеит.