Авиаеилахәыра „Џьео Сқаи“ 20ҩык аусзуҩцәа Қырҭтәылаҟа ихынҳәит.
„Судан иҟаз Қырҭтәыла атәылауаа рҟынтә 20ҩык, – „Џьео Сқаи“ аусзуҩцәа Қырҭтәылаҟа ихынҳәит. Рызынтәгьы ргәы бзиоуп. Иааҧсаны иҟоуп. Қарҭтәи аҳаирбаҕәазаҿы руацәа ирҧылеит. Аевакуациа апроцесс хымш раҧхьа иалагеит. Ҳара Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ, ҳаҭыр зқәу Алеқсандр иҟны еиҧҟьарада аимадара ҳаман, иара убас, ари апроцесс активла иалахәын Ҭырқәтәылеи Египти иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭақәа“, – иҳәеит авиаеилахәыра „Џьео Сқаи“ анапхгаҩы Шьалуа Кикнаӡе.
Мшаҧы 14 рзы Судан арратә аиҿагылара ианалага, авиаеилахәыра аекипаж 20ҩык алахәылацәа аҳҭнықалақь Харҭум иҟан.