Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Коба Хабази иқәылра афакт азы аусԥшаара 126-тәи ахәҭаҷла хацыркуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Коба Хабази иқәылра афакт азы аусԥшаара 126-тәи ахәҭаҷла хацыркуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, “Акоалициа аԥсарақәа рзы” алахәыла Коба Хабази иқәылра афакт азы аусԥшаара ашьауӷа закәанеидкыла 126-тәи ахәҭаҷла хацыркуп.

“Агәыԥтәи амчылара афакт азы аусԥшаара хацыркуп 126-тәи ахәҭаҷла”, – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә Актәи аканал ахь.

“Акоалициа аԥсарақәа рзы” алахәыла Коба Хабази иҟаиҵаз аҳәамҭала, апартиа аофис аҟынтә дандәылҵ, 50-ҩык иқәлеит.