Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Борџьоми амца ахыҵхырҭақәа реиҳара ирцәоуп  [афото]
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Борџьоми амца ахыҵхырҭақәа реиҳара ирцәоуп  [афото]

«Иаха шаанӡа  Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа мҩаҧысуан. Уажәазы Борџьоми амца ахыҵхырҭақәа реиҳара ирцәоуп», — аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аусбарҭа адыррала, амца арцәара апроцесс уажәгьы активла иалахәып   Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Арегионалтә аҿиара аминистрреи, Аҧсабарахьчара аминистрреи иашьашәалоу амаҵзурақәеи, аҳәаатә полициа авертолиотқәеи, ҭырқәтәылатәи аҳаирпланқәеи.

Аҧсҭҳәаҿы уажәгьы аҧша цәгьа асуеит, уигьы амца арцәара иаҧырхагоуп, аха, абылрацәыхьчаҩцәа амца аларҵәара аанкыларазы иаҭаху зегьы ҟарҵоит», — аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррааҟынтәи.