Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц

Аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟахҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц, -иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Қырҭтәыла апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциа инамаданы амобилизациа рзууп аполициатә мчқәа, урҭ ауаажәларатәаиҿкаашьа рыхьчоит. Русҭавели имҩадуаҿы иҟоу акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа еиуеиԥшым аихатә маҭәарқәеи ахаҳәқәеи иргәыдырҵон.

Аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь даҽазнык ааԥхьара ҟахҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц”, – инуп аҳәамҭа аҿы.