Аҩны шкәакәаҿ Дональд Трампи Володимир Зеленскии реиԥылара иалагеит
Аҩны шкәакәаҿ ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии реиԥылара иалагеит. Аҩны шкәакәахь инеихьеит Нато амаӡаныҟәгҩ хадеи европатәи алидерцәеи.
Уажәы ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии ихагьежьу акабинет аҿы аихқәа рзы аҳәамҭақәа ҟрҵоит.
Дональд Трампи Володимир Зеленскии реиԥылара ихы алаирхәоит вице-ахада Џьеи Ди Венси. Иара убас аиԥылара рхы аладырхәоит Франциеи Финлиандиеи рхадацәеи, Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиен ишаалыцҳаз ала, Финлиандиа ахада Александр Стуби, аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои, иҷыдоу ахаҭарнакцәа Стив Уиткофи Кит Келлоги.