Аҩежь жилетқәа Париж, Маџьента амҩаду аҿы аҿагыларатә ныҟәара мҩаҧыргоит [фото]
Аҩежь жилетқәа Париж, Маџьента амҩаду аҿы аҿагыларатә ныҟәара мҩаҧыргоит
Франциа аҳҭнықалақь аҿы аҩежь жилетқәа иахьа 25-тәи аманифестациа иалагеит.
Актәи аканал ажурналист Парижынтә ишаалыцҳауа ала, аҿагыларатә акциақәа иахьа Париж ацентралтә амҩақәа зегьы рҟны имҩаҧгахоит.
Акциақәа мҩаҧгахоит амилаҭтә ашҭаҿ, арадио ааиҟәара, Шанзелизе амҩеи, Ареспублика ашҭеи рҿы, иара убас аҿагыларатә акциа мҩаҧысуеит Шарль де Голь аҳаирбаҕәаза аҿгьы.