Ашыц ахҵәаразы ахылаҧшра иџьбарахоит
Ашыц ахҵәаразы ахылаҧшра иџьбарахоит

Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрра, ашыц аныҳәамш ааигәахара инамаданы, аҩеиӡ ахҵәаразы ахылаҧшра арҕәҕәоит.

Амилаҭтә абнатә агентра адыррақәа рыла, ашыц ахҵәареи амахәқәа рыҧхасҭатәреи азы ахьырхәра иазҧхьагәаҭоуп. Ахараҧса аздырҳаит  500 лари аҟынтә 2000 лари аҟынӡа. Аҧсабара иаиуа азарал  1000 лари еиҳахар, ариа ус ашьауҕатә квалификациа аиуеит.

Аҩеиӡ аныҳәамш инамаданы, Амилаҭтә абнатә агентра ауааҧсыра иргәаланаршәоит аҩеиӡ ахҵәара шыҟало хазхаҭалатәи адгьылҭыҧқәеи иҧсабаратәым  аплантациақәеи  мацара рҿы, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә орган аҟынтә азин ашьаҭала.