АҩАР аусуҩцәа Аҷара анаркоацәгьоуразы быжьҩык ааныркылеит, иԥшаауп анаркотикатә маҭәашьар рацәаны
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҷаратәи аполициа адепартамент аусуҩцәа имаԥыргаз аоперативтә уснагӡатқәа раан анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьоурақәа рзы 7-ҩык ааныркылеит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
АҩАР аҟынтә ишаарыцҳаз ала, иԥшаауп еиуеиԥшым анаркотикатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа рацәаны.
АҩАР аинформациа ала, ари ацәгьоуразы иазыԥхьагәаҭоуп ԥсраҽнынӡатәи ма 20 шықәсанӡа аҭакра.