Аҩадатәи Македониаҿы ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит. Алхрақәа рҿы абжьыҭира азин рымоуп 1,8 миллионҩык ауааҧсыра. Атәыла ахада иҭыҧ иазықәҧоит ҩыџьа акандидатцәа – анапхгаратә „Социал демократиатә партиа“ алахәыла Стево Пендаровски аоппозициатә партиа ахаҭарнак Гордана Силиановска – Давковеи.
Асоциологиатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, анапхгаратә партиа акандидат идгылоит 25 наӡына алхыҩцәа 25, аоппозициатә кандидат 16 наӡына еизылгеит. Алхыҩцәа рҟынтәи 40 наӡына макьана абжьыҭира рхы аладмырхәыцт.
Алхрақәа рылҵшәақәа уаха еилкаахоит.