Атуризм азы администрациа Қырҭтәыла иҟоу украинатәи атуристцәа рзы аҭел ҷыда аномер аланарҵәеит
Атуризм азы администрациа Қырҭтәыла иҟоу украинатәи атуристцәа рзы аҭел ҷыда аномер аланарҵәеит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аамҭалатәи анхарҭа зҭаху украинатәи атуристцәа иасроуп 144-3 аҭел ахь.
“Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәылоу аҿиареи рминистрра иаҵанакуа Атуризм азы амилаҭтә администрациа Қырҭтәыла иҟоу украинатәи атуристцәа рхылаԥшра дҵас аиуит.
Қырҭтәыла жәабран 23-нӡа иаҭааз украинатәи атуристцәа, аҳәынҭқарра ацхыраарала аамҭалатәи анхарҭақәа роуеит. Ари азы урҭ иасроуп 144-3 аҭел ахь,” – иануп администрациа аҳәамҭа аҿы.