Атәылахьчара аминистрра  - Болниси араионаҿ Су-25 акаҳара аҭыҧаҿ аусеилыргаратәи апроцесстәи ауснагӡатәқәа хыркәшоуп
Атәылахьчара аминистрра  - Болниси араионаҿ Су-25 акаҳара аҭыҧаҿ аусеилыргаратәи апроцесстәи ауснагӡатәқәа хыркәшоуп

Болниси араионаҿ, Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа иртәыз аҳаирплан Су-25 акаҳара аҭыҧаҿ, Атәылахьчара аминистрра арратә полициа адепартамент ахаҭарнакцәа имҩаҧыргоз  аусеилыргаратәи апроцесстәи ауснагӡатәқәа хыркәшоуп. Ари атәы аарыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтәи.

„Ари аус иадҳәаланы аиаша аилкаара амзызла, иашьашәалоу аусурақәа уахгьы-ҽынгьы имҩаҧысуан. Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧ шьаҭанкыла иҭҵаауп.

Зҵакы дуу ашаҳаҭгақәеи аиашьық еиқәеи  аарҧшуп. Аинџьныр-техникатәи, ахимиатәи, абалистикатәи, авидео-техникатәи експертизақәа мҩаҧыргараны иҟоуп.

Иҟалаз афакт иадҳәаланы аусеилыргаратәи апроцесстәи усмҩаҧгатәқәа нагӡахоит“,- иануп Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.