Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩи, аштаб хада еиҳаби, арратә маҵзуҩцәеи Арчил Татунашвили ҳаҭырла дыргәаладыршәеит
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩи, аштаб хада еиҳаби, арратә маҵзуҩцәеи Арчил Татунашвили ҳаҭырла дыргәаладыршәеит

Мшаԥы 2 Арчил Татунашвили имшиироуп. Иара иахьа 42 шықәса ихыҵуазаарын.

ҚырҭтәылаАтәылахьчара аминистрра аинформациала, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Гьаргәал Гиоргаӡеи, аштаб хада еиҳабы аинрал-маиор Џьони Татунашвилии, арратә маҵзуҩҵәеи Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭрашҟа инеин, Арчил Татунашвили аҭаацәа даҽазнык ирыдашшылан, афырхаҵа ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа ақырҭуа фырхаҵа Арчил Татунашвили 2018 шықәса жәабран 22 рзы Ахалгори дааныркылеит, жәабран 23 рзы аларҵәара зауз  адыррақәа рыла, Арчил Татунашвили дшьын. Асержант аиҵбы Арчил Татунашвили арратә маҵзура дахысуан 2007 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа. Уи арратә ҳаҭырла анышә дарҭеит Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭраҿ.