Арчил Татунашвили иргәаҟразы ахара зду ауааҧсыра рыҧсраҽнынӡа аҭакра рықәырҵеит
Арчил Татунашвили иргәаҟразы ахара зду ауааҧсыра рыҧсраҽнынӡа аҭакра рықәырҵеит

 

Мцхеҭа ақалақь араионтә аӡбара ақәҵара ала, Арчил Татунашвили иргәаҟразы ахара зду Давиҭ Гурциеви Алик Табоеви, латәарада, аҧсраҽнынӡа аҭакра рықәырҵеит. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла апрокуратура хада.

Цхинвал азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа Давиҭ Гурциеви Алик Табоеви рзы, Интерпол ациркулиар ҟаҧшь ала, жәларбжьаратәи ашьҭазаара аарыцҳаит.