Атәылауаҩратә авиациа агентра – 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа фмиллионҩык апассаџьырцәа рыдыркылеит
Атәылауаҩратә авиациа агентра – 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа фмиллионҩык апассаџьырцәа рыдыркылеит

Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра иаҵанакуа Атәылауаҩратә авиациа агентра аинформациала, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа 6 013 995-ҩык апассаџьырцәа рыдыркылеит, ари атәылазы арекордтә арбагоуп.

Атәылауаҩратә авиациа агентра  аҟынтә ишаарыцҳаз, 2023 шықәсазы рыла Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа  ирыдыркылаз апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара,  2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 35%-ла еиҳауп, 2019 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 15%-ла еиҳауп.

«2023 шықәсазы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аднакылеит 3 694 052-ҩык. 2022 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр,  апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 23%-ла.

Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза  аднакылеит  1 671 198-ҩык апассаџьырцәа.  2022 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр,  апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит  110%-ла.

Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза  621 514-ҩык апассаџьырцәа рымаҵ ауит. 2022 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр,  апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит 0.75%-ла.

2023 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы инагӡан  26 290 ареисқәа,  урҭ рҟынтә 21 280 – еиҧҟьарадатәи аресқәоуп, 5 010 – ачартертә реисқәоуп. Ареисқәа рхыҧхьаӡарагьы  2022 шықәсатәи арбага аасҭа 23%-ла иазҳаит. Ари арбага  2019 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 8%-ла еиҳауп»,  – иазгәаҭоуп Атәылауаҩратә авиациа агентра аинформациа аҿы.