Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили 12ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рықәылхит.
Атәыла ахада лпресс-маҵзура адыррала, ҧшьҩык абаандаҩцәа абахҭа иҭыҵуеит, хҩык ирзаанхаз абаандаҩтәра аҿҳәара рыздырмаҷит.
Иара убас, ашьауҕа ақәхра акт рыдкьыслеит даҽа хәҩык зус рыӡбахьоу ауааҧсыра, дара ирықәу азыӡбала абаандаҩтәра иазҧхьагәаҭам, зыӡбхәы ҳәоу ауааҧсыра ҩыџьа аҳәса рылоуп.