Аҷара аиҳабыра рхан аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ аиҿагылара ҟалеит
Аҷара аиҳабыра рхан аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ аиҿагылара ҟалеит

Аҷара аиҳабыра рхан аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ аиҿагылара ҟалеит. Акциа алахәылацәа руаӡәы аанкылоуп, урҭ иреиуоуп “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Бондо Ҭедораӡе.

Акциа алахәылацәа Аҷара аиҳабыра рхан аԥхьа ақьала аргылара иақәыркит, аха аполициа ахаҭарнакцәа ари азин рырымҭеит.
Акциа мҩаԥыргоит ахара зду аиашьцәа Ҵулукиӡеааи, Ҷелиӡеааи Елдар Анҭаӡеи руацәа.

Акциа алахәылацәа иаанкылоу ахаҿқәа рхақәиҭтәра иаҳәоит.