АцАК адыррақәа рыла, асааҭ 20:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 1 438 116-ҩык алхыҩцәа - 40,93%
20:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира рҽаладырхәхьеит 1 438 116-ҩык алхыҩцәа – 40,93%. Ари аалыцҳаит Алхратә комиссиа хадаҿы апресспикер Наҭиа Иоселиани.
Иахьа, жьҭаара 4 рзы, Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысит. Абжьыҭира иалагеит асааҭ 08:00 рзы, абжьыҭира хыркәшеит асааҭ 20:00 рзы.
Атәыла зехьынџьара иаартын 3 061 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 2 284 алхырҭақәа рҿы абжьыҭира мҩаҧган аелектронтә формала, 777 алхырҭақәа рҿы – атрадициатә ҵасла.