Атәанчаратә фонд адыррақәа рыла, аизгаратә атәанчахә рхы иадырхәахьеит 22 843-ҩык ауааҧсыра, дара, атәанчахә асахьала, ироуит 100,3 миллион лари
Атәанчаратә фонд адыррақәа рыла, аизгаратә атәанчахә рхы иадырхәахьеит 22 843-ҩык ауааҧсыра, дара, атәанчахә асахьала, ироуит 100,3 миллион лари

Қырҭтәыла Атәанчаратә фонд астатистикатә дыррақәа цәырнагеит.

Дара рдыррақәа рыла, атәанчаратә схема иалахәып 1 млн  667 нызқьҩык ауааҧсыра.   2025 шықәса нанҳәа 31 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала, аизгаратә атәанчахә рхы иадырхәахьеит 22 843-ҩык ауааҧсыра, дара атәанчахә асахьала ироуит 100,3 миллион лари.

Атәанчаратә активқәа рыхә 7,4  миллиард лари иаҟароуп.

Иара убас, Атәанчаратә фонд, аинвестициатә портфельқәа  2025 шықәса рашәарамзазы иҟаз алҵшәақәа цәырнагеит.

„Атәанчаратә фонд адинамикатә апортфельқәа нанҳәазы 1,98% рыла иазҳаит“, – иазәгарҭеит Атәанчаратә фонд аҿы.

Рашәара анҵәамҭаз Қырҭтәыла Атәанчаратә фонд активқәа 7,4  миллиард адоллар иаҟароуп.