Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла иит 40 214 ҩык асабицәа, урҭ рҟынтә 21 010ҩык ҷкәынцәоуп, 19 204ҩык ӡҕабцәоуп. Ари арбага ҵыҧхтәи арбага аасҭа 5% рыла имаҷуп.
Астатистика амилаҭтә биур адыррақәа рыла, зегьы реиҳа ирацәаны асабицәа иит Қарҭ — 13 697ҩык, зегьы реиҳа имаҷны — Раҷа-Лечхумии Ҵаҟатәи Шәантәылеи арегионқәа рҿы. Уаҟа 226ҩык мацара иит.