ЕАР Ассамблеиа хада иаднакылеит арезолиуциа Иерусалим астатус аԥсахразы ЕАШ иҟанаҵаз аӡбра иашам ҳәа. Адокумент азы рыбжьы рҭиит 128 тәыла, иаҿагыло иқәгылеит 9 тәылак, абжьыҭира рҽацәхьаркит 35 тәыла. Арезолиуциа адгылара арымҭеит: ЕАШ, Израиль, Гондурас, Гватемала, Микронезиа, Маршаллтәи адгьылбжьахақәа, Науру, Палау, Того.
Уаанӡа Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан ЕАШ, арезолиуциа адгылара азҭо атәылақәа афинанстә цхыраара рыҭара иаҟәыҵуеит ҳәа.
Ирыдыркылаз адокумент инақәыршәаны Иерусалим астатус аԥсахра иазырхоу иарбанызаалак аӡбрақәа азинтә шьаҭа рыманы иԥхьаӡам, урҭ аԥыхтәуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп.
Арезолиуциаҿы иара убасгьы иарбан иарбанызаалак аҳәынҭқарра ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәа ирывганы аӡбра рыдыркылар ҟалом ҳәа.
Трамп, ԥхынҷкәын алагамҭазы аҳәамҭа ҟаиҵеит Израиль иаҳҭнықалақьны иишьоу Иерусалим ауп, атәыла Ацҳаражәҳәарҭагьы уахь ииагатәуп ҳәа. Абри аҳәамҭа адгылара азҭаз Израиль заҵәык ауп. Иара убри аан палестинеи егьырҭ адунеи аҳәынҭқаррақәа жәпаки уи иашам ҳәа иаҿагылеит. Израиль Иерусалим иара иахатәу, зеиҟәшара ҟамло ҳҭнықалақьны иашьоит. Арахь иаҵанакуеит 1967 шықәса рзы, арабцәеи израильааи реибашьраан Иорданиа иаҟәырҟьаз мрагыларатәи ахәҭақәагьы. Адунеи аҟны иазырыԥхьаӡоит Иерусалим астатус зыӡбра уадаҩу проблеманы, убри инадҳәаланы аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа Тель-Авив иаадыртуеит.