Асоветтә ампыҵахалара амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны, Атәылахьчара амилаҭтә академиа акурсантцәа асимволтә аиԥхныҩра мҩаԥыргеит
Давид Аӷмашенебели ихьӡ зху Атәылахьчара амилаҭтә академиа акурсантцәа 1921 шықәсазы Табахмелеи Коџьории иҭахаз аиункерца иргәаладыршәеит.
Табахмелеи Коџьории иҟаз ақәԥарақәа ирылаӡыз аиункерца раҳаҭыр аҟынтә, ақәыԥшцәа асимволтә аиԥхныҩра мҩаԥырган, аиункерцәа рмемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Атәылахьчара амилаҭтә академиа акурсантцәа арратә ҭоурыхдырҩы Гьаргь Бериӡе илекциа иазыҿырҩит.