Асоциалтә аҳақәа рҿы Саломе Зурабишвили лхатә даҟьа инақәыршәаны, Қырҭтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит
Асоциалтә аҳақәа рҿы Саломе Зурабишвили лхатә даҟьа инақәыршәаны, Қырҭтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, Германтәыла лвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит.

Аханатә Саломе Зурабишвили, ари аиҧылара афотоҭыхымҭа алалырҵәеит асоциалтә аҳа  „Феисбуқ“ лхатә даҟьаҿы, аха, анеҩс, афотоҭыхымҭа ианылхит. Уажәы уи убар ҟалоит Инстаграмм аҿы.

Қырҭтәыла ахада ладминистрациа Саломе Зурабишвилии Франк-Вальтер Штаинмаиери реиҧылара иазку аофициалтә информациа макьана ицәыррымгацт.

Нанҳәа 30 рзы Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аинформациа аладырҵәеит нанҳәа 31 инаркны Қырҭтәыла ахада европатәи алидерцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара дшалаго азы. Ахада ладминистрациаҿы ишырҳәаз ала, арҭ аиҧыларақәа акандидат астатус иадҳәалоуп.  Анеҩс, Қырҭтәыла аиҳабыра, Саломе Зурабишвили авизитқәа рымҩаҧгаразы мап шылцәыркыз иазкны аҳәамҭа аладырҵәеит.

Иахьа ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәагьы. Анапхгаратә гәыҧ алахәылацәа ишырҳәаз ала, атәыла ахада Қырҭтәыла Аконституциа еилалгеит, ари афакт иахәҭоу ақәҿыҭра аҭатәуп.