Жьҭаара 15 рзы ашьапылампыл азы Қырҭтәыла аизга Евро-2024 алхратә етап афбатәи аматч мҩаҧнагоит. Қарҭ, Михаил Месхи ихьӡ зху астадионаҿ Қырҭтәылеи Кипри реизгақәа еицлабуеит. Аматч иалагоит асааҭ 17:00 рзы, ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.
Қырҭтәылеи Кипри реизгақәа раҧхьатәи рматч мҩаҧысит Никоссиа, рашәара 17 рзы, усҟан Қырҭтәыла 2:1 ҳәа аиааира агеит.