Асенатор Џьим Риш апартиақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит апарламент иалаларц
Асенатор Џьим Риш апартиақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит апарламент иалаларц

Сенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Џьим Риш иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ника Мелиа абахҭа дахьҭыҵыз, еиқәшаҳаҭра ахьынагӡахаз даара игәы иахәеит.

Асенатор иажәақәа рыла, апартиақәа апарламент аҿы рҭыԥқәа ааныркылоит ҳәа дақәгәыӷуеит.

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа абахҭа дахьҭыҵыз, 2021 шықәсатәи еиқәшаҳаҭра ахьынагӡахаз даара сгәы иаахәеит. Уажәы апартиақәа апарламент аҿы рҭыԥқәа ааныркылоит ҳәа сақәгәыӷуеит,» – иҩит Џьим Риш.