Асенат аӡбарала Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Робин Даниган аофициалла шьақәдырӷәӷәеит
Асенат аӡбарала Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Робин Даниган аофициалла шьақәдырӷәӷәеит

ЕАШ Асенат аӡбарала Қырҭтәыла ЕАШ ацҳаражәҳәаҩс Робин Даниган аофициалла шьақәдырӷәӷәеи. Аинформациа асенат “Твиттер” ианылеит.

ЕАШ ахада Џьо Баиден Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ аанкыларазы Робин Даниган лкандидатура иқәиргылеит 2023 шықәса ажбырныҳәа 14  рзы.

Акариератә дипломат Робин Даниган уажәы агәҭанытәи мрагыларатәи Европа азҵаарақәа рзы аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыԥуаҩс аус луан. 2018-2021 шш. рзы уи Австриаҿ ЕАШ адипломатиатә миссиа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩс аус луан.

Даниган аҳәынҭдепартамент аҿы аус луеит 1992 шықәса инаркны. 2014-2017 шш. рзы Робин Даниган ахәынҭдепартамент аенергетикатә ресурсқәа рбиуро аҿы аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыԥуас аус луан.

Иара убас, Даниган Виетнам, Чили, Ҭырқәтәыла, Куба, Сальвадор ЕАШ ацҳаражәҳәарақәа рӡы аус лухьан.

Роберт Даниган Қырҭтәыла Келли Дегнан лцынхәрас даауеит, Дегнан Қырҭтәыла аусура далагеит 2020 шықәсазы.