Асду амшала Ҭелави ауаажәларратә транспорт аусура аанкылоуп
Асду амшала Ҭелави ауаажәларратә транспорт аусура аанкылоуп

Асду амшала Ҭелави ауаажәларратә транспорт аусура аанкылоуп.

Кахеҭи аҳәынҭқарра ахаҭарнак актәи ихаҭыҧуаҩ  Платон Калмахелиӡе ишиҳәаз ала, ақалақьаҿ атехника ҷыда аус ауеит.

«Арегионаҿ зегьы реиҳа ирацәаны асы леит Ҭелави ақалақьаҿ. Ауаа ршәарҭадара ахьчара амзызла, ақалақьаҿ ауаажәларратә транспорт аусура аамҭала иаанкылоуп, амҩақәа ррыцқьара ашьҭахь аиҭаҵра хәҭала еиҭашьақәгылоит», — иҳәеит  Калмахелиӡе.

Иаха шаанӡа атрасса Ҭелави-Гомбори-Вазиани аҿы асоура иаҿын. Ари амҩаҿ аиҭаҵра ҟалоит аӡынтәи агежьқәа мацара рыла. Аиҭаҵра иахылаҧшуеит апатрультә полициа.