Асду амшала автомобилтә мҩақәа рҿы аҧкрақәа шьақәыргылоуп
Асду амшала автомобилтә мҩақәа рҿы аҧкрақәа шьақәыргылоуп

Қырҭтәыла Арегионалтә аҿаиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵанакәа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала,  мышқәак рыҩныҵҟа Қырҭтәыла зехьынџьара асоура иаҿуп, убри аҟынтә, автомобилтә аиҭаҵразы аҧкрақәак шьақәыргылоуп.

Атәыла зехьынџьара  уахгьы-ҽынгьы амҩақәа ррыцқьаратә усурақәа мҩаҧысуеит, амҩақәа аџьыкхыш рықәырҧсоит. Арыцқьаратә усурақәа ирылахәып 500 цыра еиҳаны атехника ҷыда.

Уажәазы автомобилтә мҩақәа рҿы абарҭ аҧкрақәа шьақәыргылоуп:

Ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом абарҭ амҩатә цыҧҵәахақәа рҿы: Қарҭ–Сенаки–Леселиӡе автомобилтә мҩа 40–тәи километр инаркны 260-тәи километр аҟынӡа, Мцхеҭа-Стапанҵминда-Ларс  автомобилтә мҩа Гудаури-Коби ацыҧҵәахаҿы, Хашури-Ахалцихе-Вале автомобилтә мҩаҿы, Баҭым – Ахалцихе амҩатә цыҧҵәахаҿы, Қәҭешь – Ҵҟалтубо – Цагери – Лентехи  автомобилтә мҩаҿы, Жәыргьыҭ-Џьвари- Местиа-Ласдили амҩатә цыҧҵәахаҿы.

Иара убас, изакәызаалак атранспорттә хархәагак ала аиҭаҵра ҟалом абарҭ автомобилтә мҩақәа рҿы:  Баҭым  (Ангиса)-Ахалцихе автомобилтә мҩа 86-тәи акилометр инаркны 106-ометр аҟынӡа, Жинвали-Барисахо-Шатили автомобилтә мҩаҿы.

Абарҭ амҩатә цыҧҵәахақәа рҿы атранспорт лас аиҭаҵра алшоит ақәҵәраара аҽацәыхьчаратә адаҷқәа рыла:  Баҭым  (Ангиса)-Ахалцихе автомобилтә мҩа 38-тәи акилометр инаркны 86-тәи акилометр аҟынӡа, Жинвал-Барисахо-Шатили автомобилтә мҩа 25-тәи акилометр инаркны 53-тәи акилометр аҟынӡа,  Жәыргьыҭ-Џьвари-Местиа-Ласдили автомобилтә мҩа  70-тәи акилометр инаркны 186-тәи акилометр аҟынӡа.