Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭтәи аполициа адепартамент АжәытәҚарҭ аҟәша хада аусуҩцәа имҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан дааныркылеит 1995 шықәсазы из А.Л. амца ацраҵара амзызла, – аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, ари ацәгьоуразы А.Л. 3-5 шықәсанӡа аҭакра иқәырҵр ҟалап.
„Аусԥшаара аан ишеилкаахаз, асасааирҭа “Амбассадор” норемк аҿы иҟаз сасык амца цраиҵеит. Аҭыԥ ахь инеиз абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә бригадақәа амца арцәара апроцесс иалагеит.
Азакәанхьчаҩцәа ацәгьуҩы иаанкылара иаразнак ирылшеит.
Аусԥшаара хацыркуп 187-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа шьаҭас аҭаны”, – иануп аифнормациа аҿы.
Иацы, асасааирҭа „Амбассадор“ иатәу ахыбра аҵыхәтәантәи аихагыла амца ацралеит, аахақәа зауз ҳәа аӡәгьы дыҟам.