Аруаа  Арчил Ҭаҭунашвили ҳаҭырла дыргәаладыршәеит 
Аруаа  Арчил Ҭаҭунашвили ҳаҭырла дыргәаладыршәеит 

Арчил Ҭаҭунашвили дыршьижьҭеи аашықәса ҵит. Аруаа Арчил Ҭаҭунашвили ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминситрра адыррақәа рыла, иахьа Арчил Ҭаҭунашвили игәаларшәара инамаданы, Мухатгверди иҟоу аешьаратә нышәанҭраҿы иҟан Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, аинрал-маиор Џьони Ҭаҭунашвилии, асержант еиҳабы Реваз Мцитурии,  1 абригада 12-тәи абаталион аруааи, аҭаацәара алахәылацәеи. Дара Арчил Ҭаҭунашвили инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Аа-шықәса раҧхьа, жәабран 22 рзы, ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа  Арчил Ҭаҭунашвили закәандарала Ахалгори   дааныркылеит. Жәабран 23 рзы Арчил Ҭаҭунашвили дшыршьыз еилкаахеит. Аҧсы ақырҭуа аган изхылаҧшуа аҵакырадгьыл ашҟа диарган, Қарҭ, Мухатгверди аешьаратә нышәынҭраҿы арратә ҳаҭырла анышә дамардеит.