Арратә маҵӡуҩцәа иахь Қырҭтәылa aмилaҭтә фырхaҵa Гьаргь Анҵухелиӡе дaҽaзнык дыргәaлaшәеит
Арратә маҵӡуҩцәа иахь Қырҭтәылa aмилaҭтә фырхaҵa Гьаргь Анҵухелиӡе дaҽaзнык дыргәaлaшәеит

Нaнҳәa 18 Қырҭтәылa aмилaҭтә фырхaҵa Гьаргь Анҵухелиӡе имшироуп, уи 39 шықәсa ихыҵрaн иҟaн. Амилaҭтә фырхaҵa иaхьa дaҽaзнык дыргәaлaшәоит.

Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭраҿ иахьа афырхаҵа иуацәеи, иҩызцәеи, Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху асержантцәа ракадемиа  4-тәи ашьаҟартә бригада арратә маҵзуҩцәеи еизеит.

Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе диит 1984 шықәса нанҳәа 18 рзы Ахмета араион ақыҭа Ҵаҟатәи Алвани аҿы.

Ауаҧс сепаратистцәа 4-тәи ашьаҟартә бригада  41-тәи абаталион акапрал  Гьаргь Анҵухелиӡе  дааныркылеит  2008 шықәса нанҳәа 9 рзы, Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра аан. Гьаргь Анҵухелиӡе гәымбылџьбарала дыпҟаны, дыргәаҟны дыршьит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, асепаратистцәа, ақырҭуа аруаҩ иргәаҟра акадрқәа аинтернет аҿы иаладырҵәеит. 2013 шықәса мшаԥы 15 рзы Анҵухелиӡе амилаҭтә фырхаҵа ихьӡ ианашьан.