Арежиссиор Ҭемур Чхеиӡе иҧсҭазаара далҵит
Арежиссиор Ҭемур Чхеиӡе иҧсҭазаара далҵит

Ақырҭуа режиссиор Ҭемур Чхеиӡе  78 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.

Ҭемур Чхеиӡе еиуеиҧшым ақырҭуа театрқәа рҿы режиссиорс аус иуан.  Қарҭтәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт аҿы актиортә ҟазареи арежиссуреи азы арҵаҩыс дыҟан.

1991 шықәса инарнкы Ҭемур Чхеиӡе  Санкт-Петербургтәи Адраматә театр ду  арежиссиор хадас, анеҩс асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. Иара  80 инареиҳаны адраматәи,  аоператәи,  иара убас,  ателе- спектакльқәа иқәиргылеит.

Ҭемур Чхеиӡе иакымкәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьан.